Ихадоу атемақәа

Sputnik
Бадра Гәынба дидикылеит анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" аректор Андреи Бетин.Бетин ареспубликахь дааит аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рҵарадырра аизырҳаразы агәраргагақәа ранашьаразы ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны шазхиоу анаҩсгьы ицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡаразы."Иҷыдоу ари апроект ҳара иҳалнаршеит аполитикатә кадрқәа рышьақәыргылараҿы иҿыцу амаругақәа рхархәареи", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.Андреи Бетин аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҵарадырратә проектқәа рынагӡараҿы аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аусацуразы.
"Адыррақәа рыҩны" аадыртуеит Аԥсны.Ус еиԥш иҟоу аҩнқәа Урыстәылагьы имаҷуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит урыстәылатәи аилазаара "Адырра" адиректор ихаҭыԥуаҩ Георги Будныи."Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети ҳареи ҳаицәажәахьеит, аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩхьеит, уажәы ари аус ҳаҿуп", — азгәеиҭеит иара.Будныи иажәақәа рыла, "Адыррақәа рыҩны" ҳаамҭазтәи амультимедиатә маругақәа рыла еиқәдыршәоит, уи арккаратә усура знапы алазкырц зҭаху зегьы рзы иаартхоит.
Аҟәа амшын иагаз ахаҵа иԥшаара аамҭала иаанкылан ацәгәырԥеисра ахьыӷәӷәахаз иахҟьаны. Лаԥшыла аԥшаҳәа агәаҭара мҩаԥыган .Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан Спутник иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит иахьазы амшын ҭынчхар, аԥшаарақәа ишрыцҵахо атәы ".Заанаҵтәи адыррақәа рыла, хабарда ибжьаӡыз — Аԥсны Аминистрцәа рхеилак ԥыхьатәи ахантәаҩы, Гал араион ԥыхьатәи ахада Важьа Зарандиа.Аԥшаарақәа ирылахәуп АҶА ахаҭарнакцәа, Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә ҟәша аусзуҩцәа, урыстәылатәи аволонтиорцәа. Иара убас, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҟынтәи авертолиот.
Украина иадгыланы еибашьра ицарц згәы иҭаз аби аԥҳаи Шәача иааныркылеит. Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи аоперациа еицымҩаԥыргеит.Урыстәыла АфШәМ аҿы ирҳәеит урыстәылауаа Аҟәа ианыҟаз украинатәи атеррористтә еиҿкаара алахәылеи дареи аимадара шрыбжьарҵаз.Дара хыл апшра рызҭоз изы Урыстәыла АМ рыррамаҵзурауаа рганахь ала аинформациа еизыргон.Ашьаусқәа хацыркуп.
Ҩ-автобуск ҿыц рыҭоуп Гагреи Гәдоуҭеи араион ақыҭа школқәа.Автобус жәытәқәа рыԥхасҭахара иахҟьаны ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ашкол ахь рцара уадаҩын ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра.Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа иазгәеиҭеит, Аԥсны ахада Бадра Гәынба ибзоурала Абӷархықәтәи ашкол ахыбраҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа шымҩаԥысуа, иара убас ашкол ишаҭоу автобус ҿыц. Гагра араион иаҭоу автобусқәа ракәзар х-школк рхәыҷқәа ныҟәыргоит