Ашықәс ҿыц аҟынӡа иаанхаз амшқәа маҷуп. Араионқәа зегьы ишаԥу еиԥш рҽазыҟарҵоит аныҳәа, идырԥшӡоит рықалақьқәа, еибырҭоит рыԥсаӡҵла хадақәа. Иаагозар, иарбан гәалаҟароу ирымоу иҿыцу ашықәс аламҭалазы тҟәарчалаа, ишаԥыло аныҳәа лаша, аконцерттә программа шеиҿкаахо, насгьы иргылан иалгахьоума рыԥсаӡҵла, еиҭалҳәеит Тҟәарчал араион акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.