Урыстәыла Арбџьармчқәа рыштаб хада аоперативтә зыҟаҵара аусбарҭа аиҳабы, аинрал-леитенант Фанил Сарваров иҭархара инамаданы ашьаус хацыркуп.Идырым ахаҿқәа иара имашьына ԥыржәеит Иасенева амҩан, Москва, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АЕ.Аинрал Сарваров ишьра Украина амаҵзура ҷыдақәа ирыдҳәалоуп ҳәа азгәанаҭоит аусбарҭа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭахь арра инарыԥхьаз аҭоуба шьҭарҵеит.Аныҳәатә хәҭа мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аполковник Рустам Латипов инапхгарала.Аррамаҵзурауаа рыдҵаҟаҵаҩцәеи рҭаацәеи рҿаԥхьа гәык-ԥсыкала Рыԥсадгьыли, фырхаҵарыла, хацәнымырха ртәыла аҳәаақәа шырыхьчало азы ҭоуба руит.Аԥсны АшәМ аиҳабы Дмитри Дбар аҿар ирыдиныҳәалеит."Арратә ҭоубашьҭаҵара — Аԥсадгьыли аҭаацәеи рахь абзиабара иасимволуп, убри инаркны иалагоит ртәыла амаҵ аура", — аҳәоит адныҳәалара атекст.
Иацы Афымцадәыӷба "Диоскуриа" аангыларҭа "Цандрыԥшь" аҟны аихамҩақәа ирықәҟьеит."Аԥсныеихамҩа" иҟалаз зыхҟьаз ҭнаҵаауеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.Иара иажәақәа рыла, афымцадәыӷба аихамҩақәа ирықәҟьеит уи амҩасраан ахыцеиҭагақәа аус ахьырымуаз иахҟьаны."Ҳара макьана еилҳаргоит уи ҟалашьас иамаз. Адәыӷба имццакыкәа ицон. Насыԥны, аӡәгьы ааха имоуӡеит, иара адәыӷбагьы ааха амоуит", — азгәеиҭеит иара. "Диоскуриа" Аҟәантәи Шәачаҟа Имеритинтәи акурорт ахь амҩа иқәын. "Урыстәыла аихамҩақәа" иатәу авариа-аиҭашьақәыргыларатә дәыӷба ахархәарала афымцадәыӷба аихамҩақәа ирықәдыргылеит.
Гәдоуҭа ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ аартуп.Аныҳәа иаҭааит ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Араион анапхгара еизаз рзы арлахҿыхратә программеи аконцерти рзеиҿыркааит.Ахәыҷқәа дырлахҿыхуан аниматорцәа алакә "Щелкунчик и Мышиный король", Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рхаҿсахьақәа рыла.Аԥсаӡ аура —12 метра, адизаинер Анна Чычԥҳа.
Аԥснытәи аспортсменцәа карате-до шотокан Казе Ха рзы Урыстәыла Ахраҿа агаразы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит. Атурнир аҿы ҩынтәны аиааира лгеит Алана Боциева. Даҽа хьтәы медалк даиааит Амир Харчлаа. Араӡны ианашьахеит Алим Џьопуа. Аџьаз медалқәа хԥа ланашьахеит Николь Агәмааԥҳа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аспорти аҿари русқәа рзы аҳәынҭеилакы.Аицлабрақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 20-21 рзы Тула. Атурнир иалахәын Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи 400-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.