Раԥхьатәи аԥсуа нбаншәҟәы еиқәыршәоижьҭеи 160 шықәса ҵит: аҵарауаҩ ицәажәара

Sputnik
1865 ашықәс азы "Аԥсуа нбаншәҟәы " еиқәыршәаны иҭыжьын, уи акыр аамҭа иакыз аԥсуа рҵага шәҟәны иҟан. Уи аахижьҭеи 160 шықәса ҵит. Анбан шәҟәы аиқәыршәара алыршахеит абызшәаҭҵааҩы, аетнограф, азеижәтәи ашәышықәсазы кавказаҭҵаара знапы алакыз аруаҩ Пиотр Услар ибзоурала. Аԥсуаа рҵара аус аҿы ари аҭыжьымҭа иалнаршаз еиҭеиҳәарц астудиахь дааҳаԥхьеит аҵарауаҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.