Аԥсны ауааԥсыра, рацәак идумзаргьы иҭышәынтәалоу ауалафахәы ахьроуа аусура еиҳа еиӷьыршьоит, абри атәы арбоуп ААУ-и МАУ-и рҵарауаа иҟарҵаз асоциалогиатә ҭҵаарақәа алҵшәақәа. Ари аҭак авариант алырхит асоциалтә зҵаара аҭҵаара иалахәыз — 36,7%. Аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ыҟамзаргьы ауалафахәы ҳаракы ахьроуа алырхит — 27,5%. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа имҩаԥырго асоциологиатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа еиҳа инарҭбааны арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Асоциологиатә ҭҵаарақәа рлабораториа аиҳабы Беслан Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аудио.