Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аштабтә ҽазыҟаҵара еицрылагеит Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы.Урҭ ирылахәуп Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи роперативтә еилазаара, иааиԥмырҟьаӡакәа азыхиазаара змоу арратә хәҭақәа, арратә комиссариатқәа.Урҭ дҵаны рҿаԥхьа иқәгылоуп Арбџьармчқәа аҭынч аамҭа аҟынтәи аибашьартә аамҭахь риагара аус адулара, акризис аамҭазы аамҭа кьаҿк иалагӡаны аибашьратә уснагӡатәқәа рынагӡара разыҟаҵара.Аҽазыҟаҵарақәа ҩаха-ҩымш имҩаԥысуеит, Аԥсны аҵакыра зегьы амҽханакуеит ҳәа рҳәеит Атәылахьчара аминистрраҟны.
Иаҳхысуа ашықәсаз Аԥсны 536 шьаус цәгьоура ун иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Уи иҳаҩсыз ашықәс аасҭа аа-цәгьоурак рыла еиҵоуп.Кьиут иазгәеиҭеит, ацәгьоурақәа 92% шаарԥшхаз.Иара убас, зинда абџьар аиқәыршаразы иаартыз ахҭысқәа рхыԥхьаӡарагьы еизҳаит."Ҳтәылауаа ргәы иаанагоит, абџьар аныҟәгаразы азин ҟазҵо аусшәҟәы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгаразы азин рынаҭоит ҳәа. Уи азинтә ҟазшьала ииашам", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәа иааиуа аныҳәақәа рыдырныҳәалеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы. Ақалақь ахада ихаҭыԥуаа —Автандил Сурманиӡеи абекәынреи ахылаԥшреи рызҵаарақәа знапы иану Асҭамыр Ашәбеи ахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа рырҭеит.
Гәдоуҭа араион қыҭақәак уаҵәы ҩ-сааҭк лашарада иҟазаауеит.Асааҭ 09:00 инаркны 11:00 рҟынӡа аремонттә усурақәа ирыхҟьаны астанциаеиҵа "Дәрыԥшь" аҿыххоит.Лашарада иҟазаауеит ақыҭақәа Дәрыԥшьи Хәаԥи, иара убас Лыхны ахәҭаки, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра.
"Ашықәсҿыцтәи атроллеибус" ҩаԥхьа Аҟәа амҩадуқәа рахь ихынҳәит.Алашарбага хәыҷқәа рыла иқәҵоу атроллеибус ныҟәоит Аҳабла ҿыц — аџьармыкьа, Ажәытә ҳабла — аџьармыкьа ахырхарҭала асааҭ 18:00 инаркны.Ашықәсҿыц ауха ауаажәларратә транспорт аамҭеихшара шьақәырӷәӷәоуп. Асааҭ 12:30 инаркны ашамҭа 05:00 рҟынӡа х-троллеибуск ақалақь агәҭантәи Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабл, Алашарбага ицо ауааԥсыра рымаҵ руеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара