Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара аҿагылара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр Роберт Кьиут Аԥсуа телехәаԥшаҿы ."Ҳтәылауаа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа рыдыркылоит. Аҭахра ахьыҟоу аиқәыршәарагьы ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.2025 ашықәсазы атәылаҿы изакәаным амаҭәашьарқәа зларыладырҵәоз аа-хырхарҭак аарԥшын, урҭ рыларҵәаҩцәа 134-ҩык аанкылан – Аԥсни, Урыстәылеи, Абжьаратәи Азиатәи ареспубликақәа ртәылауаа.Сынтәа иаладырҵәоз анаркотикатә маҭәашьарқәа рацәаны ирымхуп — кьылак аметадони 425 грамм амефедрони иҳәеит Кьиут
"Ашықәсҿыцтәи атроллеибус" ҩаԥхьа Аҟәа амҩадуқәа рахь ихынҳәит.Алашарбага хәыҷқәа рыла иқәҵоу атроллеибус бжьысуеит Аҳабла ҿыц — аџьармыкьа, Ажәытә ҳабла — аџьармыкьа ахырхарҭала асааҭ 18:00 инаркны.Ашықәсҿыц ауха ауаажәларратә транспорт аамҭеихшара шьақәырӷәӷәоуп. Асааҭ 12:30 инаркны 05:00 рҟынӡа х-троллеибуск ақалақь агәҭантәи Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабл, Алашарбага ицо ауааԥсыра рымаҵ руеит, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Ааигәа иҭыҵит аҵарауаҩ Леуард Барцыц имонографиатә шәҟәы "Алада Мрагыларатәи Аԥсны. Самарзаҟан. Гал араион" захьӡу. Ашәҟәы иагәылоу аматериал аизгареи ихадоу аусумҭақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылауа Аԥсны адгьылҭҵаара акырӡа игәыгәҭажьны иҟоу акоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит иҳәеит Барцыц. Иаҳҳәап, ҳбызшәеи ҳҭоурыхи еиҳа ҳрызҿлымҳазар, аха убри зхылҵыз аԥсабара ҭымҵаакәа урҭ рдырра акырӡа иуадаҩуп ҳәа азгәеиҭуеит аҵарауаҩ.Иҳәеит, аҭҵааратә усумҭаҿы иагәылалаз зегь реиҳа ихадоу акәны ишиԥхьаӡо — Аԥсны хәҭак ахсаала. Ари ахсаалаҿы раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп уаанӡа иҭҵаақәаз аҭыԥхьыӡқәа
Гал имҩаԥысит анџьныртә марафони аҭҵаарадырратә-ҵаратә фестиваль "Урыстәылатәи анџьныртә школи".Амарафон алахәылацәа апрограммаркратә бызшәақәа еилыркааит, акод аҩышьа рҵеит, апрограммтә модульқәа шьақәдыргылеит, IT-проектқәа рыҟаҵараз атехника ҭырҵааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩны.Афестиваль ҩымш ицон, уаҟа ицәырган аелектротехника аганахь ала ицәырҵуа аҿыцрақәа, аелектроника ашьаҭақәа рзы аексперименталтә усурақәа