Аԥсны ииз, Арратә операциа ҷыда азонаҿы иҭахаз Павел Бжьаниа наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәеит.Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы Рауль Лолуа, аиҳабыра алахәылацәа, Аҟәа анапхгара иҭахаз иуацәеи-иҭаацәеи ирыдышшылеит Бжьаниа деибашьуан Урыстәылатәи Арбџьармчқәа 36-тәи хаз игоу амотохысратә агвардиатә бригада аҟны.Бжьаниа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит АҶА аусзуҩцәа.
Аҟәаҟа иаагоуп атроллеибус ҿыцқәа ҩба.Ари ҳамҭоуп — Санкт-Петербург ахадара аҟынтәи. Зынӡа аҳҭнықалақь ҳамҭас иарҭеит атроллеибусқәа 10, аха алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аӡынра анҵәамҭазы иаагахоит.Уаанӡа Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба адырра (ҟаиҵахьан иааиуа ашықәс азы ақалақь агәи аҳабла маҷқәеи еимаздо ажәытә троллеибустә маршрутқәа реиҭашьақәыргылара ишалаго азы.
2025 шықәсазы Аԥсны 44 амҩатә машәыр ҟалеит иҳәеит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.Иҳаҩсыз ашықәсазы 48 ҟалеит, 2023 шықәсазы – 57, 2022 шықәсазы – 64.Кьиут иазгәеиҭеит, амҩатә ҭагылазаашьа аминистрраҿы зегь реиҳа иуадаҩу хырхарҭан ишыҟоу, насгьы амашьына аныҟәцаратә культура рацәак еигәырӷьаратә ишыҟам.Амҩан аҭагылазаашьа аиҿкааразы апрограмматә-техникатә системақәа 54 шьақәыргылоуп, урҭ рҟынтәи 34 акамерақәа рыла еиқәыршәоуп. Иара иажәақәа рыла, афото-видеоҭыхратә камерақәа рыбзоурала, иҳаҩсыз ашықәс азы 52 миллион мааҭ рҟынӡа ахараԥса еизгахеит
"Ахәыҷтәы уада" аадыртит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы.Апроект аус адырулеит аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәа, аиԥш зеиԥшу ауадақәа цәырҵуеит Гали, Гәдоуҭеи, Гагреи, Очамчыреи ахәышәтәырҭақәа рҿы.Апроект анапхгаҩы Есма Ҟалӷьԥҳа лажәақәа рыла, иара азырхоуп амедусҳәарҭақәа рҿы рыҟазаараан ахәыҷқәа рыԥсихоемоциатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. Ас еиԥш иҟоу ауадақәа рҿы апациентцәа хәыҷқәа ирылшоит асахьаҭыхра, ашәҟәқәа рыԥхьара, амультфильмқәа рыхәаԥшра.