Арадио

Аԥсни Томски рҵараиурҭақәа русеицура: Гурам Амқәаб ихҳәаа

Sputnik
Аԥснытәи ҳәынҭқарратә университет ажураналистика акафедреи Томсктәи Аҳәынҭқарратә университет Ажурналистиказ Иреиҳау ашколи имҩаԥыргеит онлаин ала ателецҳа. Ҩ -ҵараиурҭак рырҵаҩцәеи, рстудентцәеи реицәажәараҿы иарбан зҵаарақәоу, темақәоу иалыркааз, аиԥш зеиԥшу аимадарақәа рышьақәыргылара хықәкыс ишьҭнахуазеи, насгьы, азанааҭ аганахьала арҿиаратә ԥышәа аизырҳаразы шаҟа ицхыраагӡахар алшоузеи, абри атәы арадио Sputnik астудиаҿы далацәажәеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра анапхгаҩы Гурам Амқәаб.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.