2026 шықәса Аԥсны ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба Жәлар реизарахь иҟаиҵаз анашьҭымҭаҿы. Ишԥарыдыркылеи ари ажәабжь зыԥсҭазаара ақыҭа иадҳәалоу, анхамҩа знапы алаку, иарбан проблема хадақәоу иахьа ҳқыҭақәа ирымоу, иаӡбар алшои иааиуа ашықәс ақыҭақәа рзы, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Мықә инхо, ақыҭанхамҩа иазааԥсо Даур Ҭарба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.