Ихадоу атемақәа

Sputnik
Владимир Путин ирезиденциа иахьажәлаз азы Киев аҭак аҭахоит, абас аҳәамҭа ҟалҵеит Мариа Захарова.Урыстәла АДәАР аофициалтә хаҭарнак ахҳәаа алҭеит Сергеи Лавров иҳәамҭақәа мцуп ҳәа Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа."Зеленски Буча изы иҳәамҭақәа роуп имцу. Амц — Зеленски Урыстәыла ахәыҷқәа "аҕьычуеит" ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭақәа роуп. Амц — Зеленски урыстәылатәи аган аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҭахым ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭақәа роуп. Лавров иажәақәа ракәзар ииашоуп, урҭ ацәгьоурақәа рзы киевтәи арежим аҭак аҭахоит", — лыҩуеит Захарова.
Бадра Гәынба дақәыӡбеит Украина Арбџьармчқәа Новгородтәи аобласт аҿы Владимир Путин ирезиденциа ражәлара."Ҳара Урыстәыла ҳадгылоит. Киевтәи арежим ас еиԥш иҟоу ахшыҩдаратә усмҩаԥгатәқәа ԥсеизгароуп ҳәа ада даҽакны иԥхьаӡатәым",— азгәеиҭеит Аԥсны ахада.Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаанӡа Украинатәи Арбџьармчқәа рыжәларазы адырра ҟаиҵахьан.Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада ирезиденциа адронқәа 91 рыла иажәлеит, урҭ зегьы аҳауахьчаратә системақәа рыла икарыжьит.
Аҳабла ҿыц лашарада иаанхеит адгьыл аҵаҟатәи афымцацәаҳәа аԥхасҭа ахьаиуз иахҟьаны, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан."Авариа даара иуадаҩыз аҭыԥ аҿы иҟалеит, абетон аҵаҟа. Уаҟа акоммуникациақәа рацәаны ииасуеит, иԥхасҭахаз адагьы даҽа ԥшь-цәаҳәак ыҟоуп. Ашьыжь асааҭ 7 инаркны аремонттә бригадақәа русура хацдыркит. Уажәы Аҳабла ҿыц аҿы ес х-сааҭк х-сааҭк афымцамч рыҭаразы аихшанҵа алагалоуп.Амш иалагӡаны аенергетикцәа ауааҧсыра фымцала реиқәыршәаразы аҳауатә цәаҳәа аргылара ргәы иҭоуп.
Аремонттә бригадақәа Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара аиура ашьақәыргыларазы аусурақәа ирыцырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" араионтә филиал аиҳабы Ахра Гагәылиа.Иара иҳәеит ақыҭақәа Мысра, Амжәықәхәа, Блабырхәа рыхәҭақәа рҟны лашарада ишыҟоу. "Зегь реиҳа уадаҩрас иҟоу аси аԥшеи ирыхҟьаны аҵлақәа аҭелқәа иахьрықәҳаз акәӡам, абетонтә шьаҟақәагьы ахькаҳаз ауп. Ҳгәыӷуеит, иахьа ари апроблема ҳаӡбап ҳәа", — иҳәеит иара.Уи адагьы Дәрыԥшь ақыҭа ахәҭак аҿгьы алашара ыҟаӡам, уи амзызқәа ҭырҵаауеит.