Арадио

Ажурналистцәа реидгыла аҳамҭа Арӡынба ишықәс еихшьаало: иалкаахаз рцәажәара

Sputnik
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ихнаркәшеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инадамаданы ажурналистцәа ирылаҳәаз аицлабра. 12 материал рзы аиааирақәа ранашьан. Урҭ рыбжьара ателехәаԥшра аноминациаҿы Абаза-ТВ иазнархиаз ателефильм – "Ԥсҭазаарас иҟоу - ԥсадгьылуп" ианашьан актәи аҭыԥ, акьыԥхь аноминациаҿы актәи аҭыԥ ранашьан ҩ -материалк - агазеҭ "Республика Абхазиа", нас агазеҭ "Аԥсны" иазнырхиаз анҵамҭақәа рзы.
Авторцәа Владислав ихаҭара аарԥшра ишазнеиз, иарбан идеиа хадаз иқәгылаз рҿаԥхьа, абри атәы арадио аефир аҿы иалацәажәеит апоет, апублицист, академик Владимир Занҭариеи, Абаза ТВ ажурналист Лиана Ебжьноуԥҳаи.