Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿы акадртә дефицит ыҟаӡам иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аусбарҭа аиҳабы Лев Кәыҵниа. Иара иҳәеит, аиқәырхаҩцәас аҟалара зҭаху шырацәаҩу. Абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь идәықәырҵаанӡа, аусбарҭа иҭнаҵаауеит раион-цыԥхьаӡа иарбан специалистцәоу иаҭаху. Усеиԥш заҭаху аушьҭымҭацәа иаразнак усурҭала еиқәыршәахарц ауп. АҶА ахада иҳәеит есышықәса Урыстәылаҟа ишырышьҭуа амаҵзура амедицинатә хырхарҭақәа рҿы аҵара зҵарц зҭаху. Ас еиԥш аспециалистцәа аҭахны ишыҟоу еилкаахеит акороновирустә епидемиаан.
Аҳәынҭқарратә хортә капелла агастрольқәа рахь амҩа иқәлоит. Аԥснытәи артистцәа ажьырныҳәа 16 рзы Нижни Новгород имҩаԥысуа Қьырсаныҳәа ахортә еизара ду иалахәхоит, ажьырныҳәа 19 рзы Москва Аиқәырхаҩ Иаса Қьырса Иныхабаа Ауахәаматә еизарақәа рзал аҿы аконцерт мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Гагра аҭуџьар Исаи Силин ихан аиҭашьақәыргылара иалагеит. Ахыбра ргылан 1914 шықәсазы, асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь амилаҭтәра азыруит. 1956 шықәсазы уаҟа иаартын апансионат "Риҵа", иара аусура аанкылахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан. Аҳәынҭқарратә мазараз аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Наур Гьемуа иажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахь ахыбра қьырала иргеит, аха аиқәшаҳаҭра ԥыргахеит ахыдҵақәа рынамыгӡара инамаданы.
Ашықәс раԥхьатәи аусурамш аҽны Краснодар асы ӷәӷәаны илеит. Иахатәи аҵх азы асоура излагаз уажәгьы аура иаҿуп, аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, хәылбыҽханӡа иаанымгылар алшоит. Амҩатәи акоммуналтәиа маҵзурақәа рымч ақәхом, ақалақь аҿы километра рацәала амашьынатә гәаранқәа шьақәгылеит.