Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳалалратә фонд Mozilla Common Voice аплатформаҿы абжьқәа реизгаразы апроект иацнаҵоит. Апроект мҩаԥысуеит Аԥсны аҵара Аминистрреи Афонди ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Афонд апроектқәа адгылара риҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Ҵакыс иамоузеи ари апроект, инанагӡо адҵа хадақәа арбану, насгьы апроект хацыркуижьҭе иҟаҵоу алҵшәа зеиԥшрои? Арадио Sputnik аефир аҿы ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳалалратә фонд ахаҭарнак Леуан Лагәлаа.
Шәазыӡырҩы аудио.