Арадио

Асабицәа рыфатә хкқәак аагаразы аԥкрақәа алагалоуп: аҳәынҭстандарт аусзуҩы ицәажәара

Sputnik
"Nestlé" иатәу ахәыҷқәа рыфатә хкқәак Аԥсныҟа аагаразы аԥкрақәа алагалоуп.Аҳәынҭстандарт ахархәаратә хылаԥшра аҟәша аиҳабы Георги Ҭарба иажәақәа рыла, алагалара аанкыларазы абжьгарақәа аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа ирзышьҭуп, атәылаҿы ааалыҵ алгаразы ареидқәа мҩаԥысуеит.
Иахьазы аҳәынҭстандарт имҩаԥнаго аусурақәеи, ас еиԥш иҟоу аԥкрақәа зызкуи, насгьы ҳтәылаҿы ари апродукциа ззеицәахаз алкаау алкааму ҭаҳҵаауеит арадио Sputnik аефир аҿы. Уи атәы далацәажәоит Аԥсны Аҳәынҭстандартқәеи ахархәареи атехникатә хылаԥшреи реилак аспециалист хада Мадина Гындиа.
Шәазыӡырҩы аудио.