Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 2025 шықәсазтәи арбагақәа рыла 243 нызқьҩык иреиҳахеит. Аҳәынҭқарратә статистикатә еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, ауааԥсыра реиҳараҩык аҳәса роуп, ахацәа раасҭа 13 600-ҩык рыла еиҳауп. Иҳаҩсыз хәышықәса ирылагӡаны, еиҳа иҳаракыз арбага 2020 азы иҟан, еиҳа илаҟәыз 2024 азы. Изеиԥшроузеи аҭҵаарадырратә анализ, иҳамоу арбагақәа иҳарҳәо арбану, насгьы егьырҭ ашықәсқәа ирыҿҳарԥшуазар арҭ ахыԥхьаӡарақәа ирҳәои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩ, адемограф Асҭанда Ҳашԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.