Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ашәахтәқәҵара аусхк аҟны зегь реиҳа ипроблема дуны иҟоу — агәаҭара-кассатә техника аҟамзаара ауп иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа.Аԥыза-министр Валери Делбеи иареи реиԥылараҿы иара иҳәеит аминистрреи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзуреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азырхиара ишаҿу.Аиқәшаҳаҭраҟны иазгәаҭахоит ашәахтә усбарҭақәа рахь онлаин-дыррақәа рыҭаратә кассақәа ралагаларазы Урыстәыла хәыда-ԥсада ацхыраара ҳәа азгәеиҭеит Бениа. Зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы атәыла абиуџьет ахь ашәахтәшәарақәа 7,3 млрд мааҭ алагалан, ари 2024 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 935,4 млн рыла еиҳауп.
Тҟәарчал араиони ақалақьи рҟны афымцацәаҳәақәеи аӡымҩангагақәеи рыԥсахразы 30 млрд мааҭ аҭахуп, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит араион ахада Исидор Дочиа."Иазыԥхьаӡаны иҳамоу 30 млрд аԥара аҭахуп. Иԥсахтәқәоу рацәоуп, уи аан иҟаҳҵахьоугьы ыҟоуп. Ауаа арзаҳалқәа ҩны инааргалакгьы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аԥара ҳашьҭалоит", — иҳәеит Дочиа.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аԥсыӡкра абзиабаҩцәа рзы иалагалаз аԥкрақәа аԥыхуп.Иара алагалан аԥсыӡтоԥра аамҭазы абҵара 15 раахыс.Аӡиасқәеи аӡиақәеи рҿы аԥсыӡ акра алшоит аҵәгәырқәеи аспиннингқәеи рыла. Акаҭақәеи, афымцаҵәгәырқәеи, егьырҭ иарбанызаалак аԥсқьартә знеишьақәеи зынӡа рзин ыҟам.Амилаҭтә парк аусзуҩцәа аԥсабарахьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара иацклаԥшлоит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә капелла Москва иқәгылеит.Амузыкатә усмҩаԥгатә "Қьырсаныҳәа агәырӷьара аҭаацәа рыгәҭа " мҩаԥысит Иаса Қьырса Аиқәырхаҩ иныхабаа Ауахәаматә еизарақәа рзал аҿы. Уи еиҿыркааит Спиридон Тримифунттәи Ицентри ахәыҷтәы театр-студиа "Непоседеи".Аконцерт иаҭааит 6-14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 1300-ҩык ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи."Иахьа ҳҩызцәа, акапеллаа иҳаднагало арепертуари ҳапроекти еиқәшәоит. Ҳара ҳзы уи ҳаҭыр дууп, гәырӷьароуп. Ари арҿиара ҿыц ҳара ҳзы иаатуеит, ас еиԥш иџьашьахәу ажәлар рырҿиара азыӡырҩразы алшарала", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацентр аиҳабы Павел Карпухин.
RT Амедиашкола раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥгахоит. Жәабранмза 17-18 рзы ателеканал ажурналистцәа хәыда-ԥсада аҟаза-иклассқәа рзымҩаԥыргоит Аҟәа.Ателехәаԥшратә ефир аҟны иԥсабаратәым аинтеллект ахархәашьа, атрендтә видеоформатқәа, ажәабжьқәа аус рыдулара, Telegram-каналқәа рҿы ахҭысқәа раарԥшра уҳәа ирацәоуп иззаҭгылахо.Аԥснытәи ажурналистцәеи амедиа аусзуҩцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит акурсқәа рҽанырҵарц: аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ԥкуп.