Ихадоу атемақәа

Sputnik
2026 шықәсазы Аԥсны аҵара министрра ақыҭа школқәа рыдгыларазы ауснагӡатәқәа нанагӡоит. Урҭ ируакуп ақыҭа школқәа рырҵаҩцәа рыбжьара апроект "Ашықәс арҵаҩы" ҳәа лҳәеит аусбарҭа аиҳабы Хана Гәынба аҧыза-министр Владимир Делбеи лареи реиҧылараҿы. Лара илҳәеит арҵаҩцәа ашколқәа рҟынтәи рцара адагьы аҵаҩцәагьы ақыҭақәа рҟынтәи ақалақь школқәа рахь ишцо. Ари ахырхарҭалагьы аусура мҩаԥгатәуп, иаҳҳәап, ақыҭа школқәа рҿы ашколқәранӡатәи азыҟаҵарҭатә гәыԥқәа аарттәуп. Абас ишьақәгылалоит ахәыҷтәы коллектив, уи актәи акласс аҿы аҵара иацнаҵоит ҳәа лгәаанагара лҳәеит аминистр. Даҽа уснагӡатәык — аус адулара иаҿуп аусбарҭа хықәкылатәи апрограмма "Ақыҭа рҵаҩы", уаҟа иарбахоит ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа, аиҳаракгьы аҿар аусура ргәазырҧхаша ауснагӡатәқәа.
Аберқыҭ (уаанӡа Папынырхәа) ацҳа ҿыц ҟарҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа. Ҭагалан иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны, уаҟа ҩ-цҳак аӡы иагеит. Урҭ руак еиҭашьақәыргылоуп, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәаахьчаратә маҵзура ацхыраарала. "Ҳара ашьаҟқәеи аблокқәа ааҳхәеит ҳхатәы мчқәа рыла. Дара абылтәи атехникеи рыла иҳацхрааит", — иҳәеит Ԥлиа. Егьи ацҳа аҟымзаара иахҟьаны, ақыҭауаа амашьынақәа рыла изныҟәаӡом, шьапыла мацара аныҟәара рықәшәоит. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа аспециалистцәа аҩбатәи ацҳа иадҳәаланы аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы аҭыԥ иаҭааит. Урҭ иаарласны аусурақәа ирылагоит ҳәа иҳәеит араион ахада
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Псков аҿартә ҭыԥқәа ирҭааит. Дара, Аҿар рыҩни Аҿартә ԥшьгарақәа рцентри русура ҭырҵааит, Аҿар ркадртә центр аҿы ԥхьаҟа ркариера ашьақәыргыларазы абжьгарақәа роуит. Иара убасгьы апрограмма "Урыстәылаҟа аныҟәара" алахәылацәа аресурстә центр "Добро.РФ" иаҭааит, уаҟа дара аволонтиорра атәы рзеиҭарҳәеит, Акреативтә индустриақәа рышкол аҿы 3d-модельҟаҵареи, абжьырежиссуреи, адизаини, амедиа аус адулареи рҿы рхы ԥыршәеит ҳәа аанацҳауеит ПАМ (Псковтәи аинформациатә маҵзура).
Акризистә хырхарҭақәа адунеи зегьы аҿы иҿиоит, Гренландиагьы уи азы лабҿабатә ҿырԥштәуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Ари атема акәша-мыкәша имҩаԥысуа аимак-аиҿакқәа НАТО аиқәырхара азҵаара ықәдыргылоит ҳәа ахаҿаагара уадаҩуп ҳәа иҳәеит иара 2025 шықәса аихшьаалақәа рзы аконференциаҿы. "Ҳара ҳгәаанагарала мраҭашәаратәи атәылақәа Гренландиа аӡбахә анаҳҳәо, еицырзеиԥшу аилибакаарала аицәажәара рҭахызар, уи дара рхатәы алхроуп", — иҳәеит иара.