Аветеринарцәа разымхара, аусушьа аиӷьтәразы агәҭакқәа: аҳақьым хада ицәажәара

Sputnik
Араионқәа рҿы аветеринартә маҵзурақәа русушьа, акадрқәа рзымхара азҵаара, ҳазҭысыз ашықәс зеиԥшраз, иазгәаҭоу аусқәа ирылацәажәеит Аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзураҿы Аԥсны аҧыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан дызлахәыз аизараҟны. Атәыла аветеринар хада, аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа еиҭеиҳәеит лкаақәас иҟаҵаз атәы.
Аицәажәара аудиофаил аҿы хыхь.