"Аҳәынҭқарратә баџь азы" азакәан Аԥсны амчра аиуеит жәабран 1 инаркны. Апарламент адепутат Инар Гыцба арадио Sputnik аефир аҟны ишиҳәаз ала, уаанӡатәи азакәан мораллагьы економикалагьы иажәит. Азыԥҵәа ҵаҵӷәыданы илаҟәын, насгьы аинфлиациа иахҟьаны аԥара амчра ахәԥса аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҽаԥсахит. "Уаанӡа, аҳәынҭқарратә баџь мҽхакы ҭбаала, иреиҵаӡоу аџьаԥса аҳасаб ала иԥхьаӡан. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, аиуристтә ҵакы змоу аус азы аҳәынҭқарратә баџь 12 мааҭ акәхар алшон, аха уи абаџь шәшәарц абанк ахь шәаннеилак, абанк акомиссиа ҳәа 60 мааҭ агоит", – ҳәа азгәеиҭеит Инар Гыцба.
Аԥсны АҶА есышықәсатәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рзы Риҵатәи амилаҭтә парк ахь амҩа иқәлеит. "Ҳара есышықәса, аӡынра, абри аамҭазы ашьхара, аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит. Аҽазыҟаҵарақәа тактикатәуп, урҭ иҟаҵәҟьоу ахҭысқәа ирзааигәатәуп. Аҽазыҟаҵарақәа раан ашьха-абнаратә ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагоит", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА ахада Лев Кәыҵниа.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз абаҩрҵәыреи аспорти русзуҩ, анапылампыл азы амилаҭтә категориа аӡбаҩ Олег Лакрба иахьа 85 шықәса ихыҵит. 1968 шықәсазы анапылампыл азы ахацәа ркомандақәа разыҟаҵаҩыс аусура далагеит, анаҩс аҳәса рнапылампыл ахь диасит, 2001 шықәсанӡа аҳәса мацара ракәын иазыҟаиҵоз. Ашьҭахь, ҩаԥхьа, ахацәа ркомандақәагьы разыҟаҵара далагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭспортеилакы аспорттә ҟәша аспециалист хада Адгәыр Кьиут. Олег Лакрба иқәра акыр ишнеихьоугьы иахьа уажәраанӡагьы аҿар азыҟаиҵоит. Иахьа, Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы, асааҭ 12: 00 рзы имҩаԥгахоит азыҟаҵаҩ 85 шықәса ихыҵра иазку анапылампылтә хәмарра.
Ажьырныҳәамзазы Аԥсны 86-ҩык аимҳәа рыхьит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. Ашықәс алагамҭа инаркны 187 ҭҵаарақәа мҩаԥган, урҭ рҟынтәи А ахкы змоу аизҳара амоуп. Белиаева илҳәеит ахк әа реиԥшымзаара Аԥснытәи алабораториақәа рҿы аимҳәа аштаммқәа ралкааразы алшарақәа ыҟаӡам. Урыстәылатәи аҟазацәа иҟарҵаз аҭҵаарақәа рыла, еиҳа ирылаҵәоу аштаммқәа иреиуоуп Гонконгтәи. Лара иазгәалҭеит уи егьырҭ рҟынтәи еиҳау еиԥшымзаарак шамам, насгьы уи еиҳа ишыӷәӷәам. Аимҳәа аамҭахәҭа жәабранмзазы еиҵахо иалагоит ҳәа азгәалҭеит асанитартә ҳақьым хада. Уи ицхраауеит иҟало аԥхаррақәагьы.