Арадио

Афон ҿыц ицәырҵит амуралқәа ҩба: асахьаҭыхҩы иҿцәажәара

Sputnik
Ҩ-ҭыԥк асахьаркыла реиҿкаара хдыркәшеит Афон ҿыц. Кавказтәи афлореи афаунеи зныԥшуа амуралқәа аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа иҭырхит апроект "Аԥсны акоманда" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иабанӡауадаҩыз асахьаҭыхыҩцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа, анагӡара зеиԥшрахеи, насгьы ас еиԥш иҟоу арт-обиект ҿыцқәа раԥҵара абанӡаинтересу аҟазацәа рзы? Ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит асахьаҭыхҩы Арсоу Берзениа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.