Арадио

Ақыҭа школқәа рҭарцәра: ауадаҩра зыхҟьо еилҳаргоит

Sputnik
2026 шықәсазы Аԥсны аҵара министрра ақыҭа школқәа рыдгыларазы ауснагӡатәқәа нанагӡоит. Урҭ ируакуп ақыҭа школқәа рырҵаҩцәа рыбжьара апроект "Ашықәс арҵаҩы" ҳәа азгәалҭеит уажә ааигәа Хана Гәынба аҧыза-министр Владимир Делбеи лареи реиҧылараҿы. Лара илҳәеит арҵаҩцәа ашколқәа рҟынтәи рцара адагьы аҵаҩцәагьы ақыҭақәа рҟынтәи ақалақь школқәа рахь ишцо. Уи зыхҟьо амзызқәа маҷӡам. Ашколқәранӡатәи азыҟаҵарақәа, аспорттә секциақәа, аҟазаратә кружокқәа уҳәа рыҟамзаарагьы убрахь иналаҵаны. Ақыҭа школк аҿырԥштәы ааҳгоит иахьа, иҭаҳҵаауеит рҭагылазаашьа, насгьы зыӡбахә ҳамаз афакторқәа ахьынӡарныԥшуа, убасгьы арҵаҩцәа рыла иахьынӡзыҟааҵоу ҳзеиҭалҳәоит Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Дифа Габниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио.