Ихадоу атемақәа

Sputnik
Ареспубликатә ашьадатә центр анаадырт инаркны 81-ҩы ачымазцәа амедицинатә цхыраара рыҭоуп иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, иҳаҩсыз ашықәс алҵшәақәа аԥыза-министр Владимир Делба иԥылараан.Ацентр аҿы акоронартә синдром ӷәӷәеи аинфаркт змоу ауааи ацхыраара рырҭоит, ашьадақәеи ашьапқәеи рыԥҟарақәа мҩаԥыргоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр." Ауаа Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵаалоит, мамзаргьы ацхыраара лас ала ахәышәтәырҭахь инеиуеит. Иара убасгьы, Урыстәылатәи рколлегацәа рыцхырааралагьы амҩақәҵара шьақәыргылоуп, урҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла ацхыраара ҟарҵеит", иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны аекологиа аинститут Аҟәатәи алашарбага ахьчаҩ иҩны аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аинститут аиҳабы Роман Дбар.Аусбарҭа уаанӡа Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аҟынтәи адгылара аиухьан. Дбар иажәақәа рыла, ахыбра дрыцқьахьеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылагаразы.Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь, Аҟәатәи алашарбага ахьчаҩ иҩнаҿы аҿари, астудентцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рзы ахырхарҭа рацәа змоу ацентр аартра азгәаҭоуп. Иара убас, алашарбага аҭоурых иазку ауадақәагьы еиҿкаахоит.
Аҟәа Амҳаџьырқәеи Диоскурааи рыԥшаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы рпроектқәа акоуп, аха рызнеишьақәа хаз-хазуп ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.Иара иажәақәа рыла, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы ахаҳә ашьҭаҵара инаркны зегь дырҿыцуазар, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа излаҭоурыхтә ҭыԥу ала, раԥхьатәи ахаҿра аанхартә еиԥш ареставрациа ҟарҵоит.Ҭарба дазааҭгылеит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара рхахьы ишыргаз еиуеиԥшым Аԥсни Урыстәылеи рнаплакҩцәа. Ахыркәшара азгәаҭоуп акурорт аамҭа аиаанӡа.Хәҭа-хәҭала имҩаԥысуа аусурақәа зегьы хылаԥшра арҭоит аҳҭнықалақь ахадара.
Аҟәа Ҷыҭанаа имҩаду аҿы аканализациамҩангагақәа шьҭарҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб.Иара иажәақәа рыла, ажәытә ахархәара амуа иҟалеит, убри аҟнытә уи аԥсахра аҭаххеит. Ишьҭарҵаз амҩангага 35 метра инаӡоит.Аусурақәа мҩаԥысуеит аиагаратә аӡхагалагатә станциаҿы.
Молдавиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз агент Москва даанкылоуп.Урыстәылауаҩ аҳҭнықалақь ахь дааит Урыстәыла ашәарҭадара иаԥырхаго адҵа анагӡаразы 2025 шықәса ԥхынҷкәынмзазы , абри атәы рҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзураҿы.Иара игаджетқәа рҿы ирбеит Молдова аинформациеи ашәарҭадареи рмаҵзура аусзуҩцәеи иареи ирыбжьысуаз ашәҟәқәа.Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит иԥаршеиу ашәҟәқәа рыла, Урыстәылаҟа иааз даҽа ҩыџьа ашьклаԥшҩцәа 2025 шықәса лаҵарамзазы ишааныркылахьаз.Агәызҩара ззыҟоу иҿы иқәшаҳаҭхеит. Ашьаус хацыркуп, иара 8 шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәар ҟалоит.