Ихадоу атемақәа

Sputnik
Атуризм аекономика ахырхарҭақәа зегьы ахашәалахәы аиуразы алшара рнаҭоит ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Амқәаб.Аекономика аминистр аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" хаҭалатәи амодуль далахәын, далацәажәеит атәыла азы ихадоу ари аусхк аҿиара иамоу аҵакы.Аԥсныҟа иаауа атурист атакси ихы иаирхәоит, афатә-ажәтә ааихәоит, уимоу, аҳақьымцәа рҿы иҽаниҵоит ҳәа иҳәеит Амқәаб.Иацы иаатит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи хаҭалатәи амодуль. Иара ԥшьымш имҩаԥыслоит, ари аамҭа иалагӡаны алахәылацәа рпроектқәа ахьчара иаздырхиароуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аадыртуеит рашәара 1 азы.Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, аргылаҩцәа аусурақәа рхыркәшара аҿҳәара рзықәгылоуп.Аартрахь ааԥхьара рырҭоит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аԥара азоузажьыз арегионқәеи, ақалақьқәеи, аиҿкаарақәеи рхадацәа.Ҟәбина амҩатә машәырқәа шәкыла аҭыԥ рыман аҵаа ӷәӷәа иахҟьаны.
Иахьа иубилеи азгәеиҭоит Аҧсны жәлар рартист, «Ахьӡ-аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Ҟабарда-Балкариа аҟазара зҽаԥсазтәыз артист, шықәса рацәала С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр напхгара азызуаз Валери Михаил-иԥа Ақаҩба. Иара Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр инарылукааша арежиссиорцәа дреиуоуп. Аԥсуа театр иреиӷьу аспектакльқәа иусумҭақәа роупВалери Ақаҩба бзоурала аҧсуа театр ақәҿиара дуқәа аиуит, Аҧсны аҩныҵҟагьы, анҭыҵгьы.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә кинофонд аԥҵара азԥхьагәаҭоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аԥсны Акультура аминистрра акинематографиа аҟәша аиҳабы Ҭеимураз Ҭаниа.Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Аҳәынҭкинофонд аҿы Аԥсны иазку шәкыла афильмқәа ыҟоуп. Урҭ ацифрахь ииаганы анаҩс, ахатәы фонд аҟны аҵәахра ргәы иҭоуп."Ари даара акыр иаԥсоуп. Ԥыҭрак ашьҭахь акы дҳарбар ҟалоит. Сгәы иаанагоит уаҟа аинтерес зҵоу аусумҭақәа ыҟоуп ҳәа", Ҭаниа. Ааигәа Акультура аминистрраҿы иаԥҵан акинематографиа аҟәша. Ҭаниа иажәақәа рыла, макьана азакәаншьаҭазы аусура цоит.
Иахьа ашьыжь азы Аҳәынҭавтоинспекциа 200 зыҳәа аиуит аԥхасҭа зцу амашәырқәа ашәҟәы рҭагаларазы, урҭ рҟынтәи 130 — Краснодар.Шәача аламҵакәа ажьырныҳәа 27 шьыжьынӡа аҵаа ӷәӷәеи аҭелқәа асы бааӡа рықәҷабреи ҟалар алшоит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы, абри атәы рҳәеит АҶА атәылаҿацәтә усбарҭаҿы. Арегион аҩадатәии мрагыларатәии ахәҭақәа рҿы даара асы ӷәӷәа леиран иҟоуп ҳәа азгәаҭоуп.Атәылауаа ирабжьыргоит иахьынӡарзалыршо аныҟәарақәа рҽырцәырыхьчарц, амшцәгьа аҩны ирхыргарц.