Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар рартист Валери Ақаҩба ииубилеи идиныҳәалеит« Шәара ииашаны Аҧсны Жәлар рартист ихьӡ ҳаракы шәыхҵоуп – уи ианыҧшуеит шықәсарацәала имҩаҧыжәго аусуреи шәтәылауаҩратә позициеи, ҳтәыла акультура ҭынха ду шәазыҟазаашьеи рзы ҳажәлар рыбзиабареи, ишәықәырҵо аҳаҭыри.Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ахирра. Шәааигәа иҟазааит есқьынгьы шәызҭаху, шәбаҩхатәра ҳаҭыр ақәызҵо, иҿыцу шәырҿиаратә гәҭакқәа рыҟнытә насыҧ змоу ауаа» аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы
Тоннак инеиҳаны аԥстәқәа рхәы рымырхит АҬ "Ԥсоу" аҿы.Ашәҟәы иҭагаламыз аидара рбеит ареспублика атәылауаҩ Л.М. Кур-оглы имашьынаҿы.Иара Урыстәылантәи 555 кьыла алақәа рхәи 800 кьыла аԥсаатәқәа рзы аҟашәеилаҵеи раагара иҽазишәон ҳәа рҳәеит АҲЕ.
Атуризм аекономика ахырхарҭақәа зегьы ахашәалахәы аиуразы алшара рнаҭоит ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Амқәаб.Аекономика аминистр аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" хаҭалатәи амодуль далахәын, далацәажәеит атәыла азы ихадоу ари аусхк аҿиара иамоу аҵакы.Аԥсныҟа иаауа атурист атакси ихы иаирхәоит, афатә-ажәтә ааихәоит, уимоу, аҳақьымцәа рҿы иҽаниҵоит ҳәа иҳәеит Амқәаб.Иацы иаатит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҩбатәи хаҭалатәи амодуль. Иара ԥшьымш имҩаԥыслоит, ари аамҭа иалагӡаны алахәылацәа рпроектқәа ахьчара иаздырхиароуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь Аҟәатәи амшынԥшаҳәа аадыртуеит рашәара 1 азы.Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, аргылаҩцәа аусурақәа рхыркәшара аҿҳәара рзықәгылоуп.Аартрахь ааԥхьара рырҭоит аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аԥара азоузажьыз арегионқәеи, ақалақьқәеи, аиҿкаарақәеи рхадацәа.Ҟәбина амҩатә машәырқәа шәкыла аҭыԥ рыман аҵаа ӷәӷәа иахҟьаны.
Аҟәа "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аицлабра аҩбатәи амодуль "Апроект инаркны анагӡара аҟынӡа" хацыркхеит.Иара мҩаԥысуеит ԥшьымш. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа иддырҵоит афинансттә модельқәа рызҿлымҳара, аалыҵ аларҵәара, агәыԥқәа рнапхгара. Дара ргәаанагарақәа аекспертцәеи, аинвесторцәеи, Аԥсны анаԥхгареи рҿаԥхьа ахьчара рҽазыҟарҵоит.Аусмҩаԥгатә алахәылацәа еиқәдыршәоит ацифратә маҵзурақәа раԥҵара, аекотуризм ахырхарҭакәа рыҿиара, афермертә нхамҩақәа, амузеиқәа рӡыргареи афестивальқәа реиҿкаареи рзы апроектқәа.Иреиӷьу миллион мааҭ рҟынӡа агранттә цхыраара роуеит. Аиааира згаз рыхьӡқәа жәабранмзазы еилкаахоит.