Ихадоу атемақәа

Sputnik
Закәаншьаҭада ирҭиуаз 230 нызқьмааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу аҭаҭын аалыҵ аадырԥшит Аԥсны.102 600 мааҭ иаԥсоу, акцизтә дыргақәа зқәымыз 420 ҭоԥ аҭаҭын рыԥшааит Гагра атәылауаҩ Барцыц Г.Р. иитәу афатәаалыҵтә дәқьан аҿы.Иара убас, Гал араион аҳазалхыҩцәа Хьацҳа ақыҭан имҩаԥыргоз агәаҭарақәа раан, ахаланаплакҩы Шьанаа А.В. иитәу адәқьан аҿы иаадырԥшит акцизтә дыргақәа зқәымыз, иааидкыланы 127 500 мааҭ иаԥсаз, амарка "Dubao RED" иатәу 850 ҭоԥ аҭаҭын. Атауар рымхуп, аусқәа рматериалқәа ареспублика Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы инашьҭуп.
Аԥсны далырцеит аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыциуан ҳәа гәҩарас ироуз Британиа атәылауаҩ.Кулдип Сингх аус адиулон атәылаҿы аиланхарҭақәеи, арратә обиектқәеи, аинфраструктуреи ахьгылоу азы адыррақәа роура алзыршо апроект ҳәа аанацҳауеит АШәМ.Иаанкылаз иажәақәа рыла, иара 13 шықәса инареиҳаны лондонтәи аполициа аԥшыхәратә ҟәшаҿы аус иуан, аҵарҭышагаразы иусура аанижьит.Шықәсык иназынаԥшуа Сингх Урыстәыла дынхон, нас Қырҭтәыла, уи ашьҭахь Аԥсны аӡбахә еилкааны арахь нхара ҳәа дааит.Аԥсны закәаншьаҭала дыҟазу дыҟамзу ҳәа ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит "британиатәи итәылауаҩшәҟәы аҿҳәара анҵәара иахҟьаны ашәҟыә ҿыц шизыҟамҵаз ".Аӡбарҭа аӡбрала иара Аԥсны далцан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ала.
Аԥсны ацитрустә сезон иалагазар, Урыстәылаҟа аҳәаа иахнгоуп 32 нызқь тонна амандарина.Иҳаҩсыз асезон иара абри аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы 37,5 нызықь тонна рҟынӡа аҳәаа иахыган ҳәа рҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы.Иара убас, ареспубликаҟынтәи урыстәылатәи аџьармыкьақәа рахь инарышьҭуеит афеихо, алимон, апатырқал, ахәырма.Ақыҭанхамҩа аминистрра азԥхьагәаҭарақәа рыла, асезон нҵәаанӡа Аԥснынтәи аҳәаа иахыргар алшоит 33 нызқь тонна рҟынӡа амандарина.
Аԥсны раԥхьатәи аспорт-гәмырҿыӷьратә канал Mooore.TV аҿы сынтәа арлахҿыхратә контент еиҳаны иҟалоит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аканал аԥҵаҩцәа ируаӡәку Џьано Ҵурҵумиа.Иара иажәақәа рыла, жәабранмзазы аефир ахь ицәырҵуеит Рустам Аншба итуристтә шоу "Ҳахьнанагаз". Уи аԥсуаа ахьынхо атәылақәа рыӡбахә, ҳџьынџьуаа даҽа культурак рыҽшрыладырхәуа атәы еиҭанаҳәоит.Иара убасгьы аканал аҿы идырбалахоит РУСДРАМ аспектакльқәа, аиумортә, ахәыҷтәы, аинтеллектуал-ҵаратә программақәа, шьыжьла ахәаԥшцәа ирылшоит Амина Кьышьмариаԥҳа абаҩрҵәыра лыцҟаҵара.Moore.TV ацифратә платформақәа рҟны ицо раԥхьатәи аҿар рыспорт-гәмырҿыӷьратә каналуп. Уи 2025 шықәсазы аусура иалагеит.