Ихадоу атемақәа

Sputnik
Владимир Путин ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Санкт-Петербург иҟоу Пискариовтәи амемориалтә ԥсыжырҭа амонумент "Ан-Аԥсадгьыл" амҵан. Ленинград афашисттә блокада аҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәра 82 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы агәалашәаратә усмҩаԥгатә адгылара арҭеит егьырҭ аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакрақәагьы. Убас, Аԥсны, Таиланд, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Танзаниа, Ареспублика Сербскаиа рыхьӡала абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.
аԥара рзоужьуп 2026 шықәсазы Шәача – Аҟәа амаршрут ала иныҟәо амшын-пассаџьыртә мҩангарақәа.Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекономика аминистрра атранспорттә усбарҭа аиҳабы Асҭамыр Бганба.Иара иажәақәа рыла, Росморречфлот асубсидиақәа роуразы жәабран 6 рҟынӡа имҩаԥысуа аицлабра рыланаҳәахьеит.Ҩ-қалақьк рыбжьара амшынтә еимадара аусура аларгара ргәы иҭоуп аԥхын. 2025 шықәсазы апассаџьырцәа мҩаԥнагон аӷба "Комета".
Аҟәа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿаԥхьа амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа реиҿкаара иалагеит.Аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала аус знапы иану амаҵзурақәа аҵакыра арыцқьара нап адыркит. Аҳҭнықалақь ахадара амуниципалтә усбарҭа "Ақалақьргылара " аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ари аҭыԥ аҿы аӡымҩахгага ыҟамызт, уи иахҟьаны ақәоурақәа раан аӡҭатәарақәа ҟалон, атәылауаа ауадаҩрақәа рызцәырыргон."Еиҿкаау амашьынаргыларҭақәа аныҟәара ашәарҭадара аԥҵара алнаршоит, иахьахәҭам амашьынаргыларақәа еиҵанатәуеит, аҵакыра ахаҿра еиӷьнатәуеит", — азгәеиҭеит иара.
Ареспубликатә ашьа-датә центр Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ачымазцәа ацхыраара рнаҭоит ҳәа еиҭеиҳәеит ацентр анапхгаҩы Дамеи Џьопуа.Иара иажәақәа рыла, ацентри араионтә хәышәтәырҭақәеи иааиԥмырҟьаӡакәа еимадоуп, ачымазаҩ иаарласны ацхырараа иҭатәызар, иаразнакы Аҟәаҟа днаганы 20 минуҭ рыҩнуҵҟа аԥҟарҭа дықәырҵоит иҳәеит иара Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны.Ареспубликатә шьа-датә центр анаадырт инаркны аоперациа рызууп 90-ҩык инареиҳаны .Урҭ рҟынтәи 30% иаалырҟьаны иҟалаз хҭысқәоуп.
Ефрем Ешба ибаҟа арыцқьареи аиҿкаареи рзы иазыԥхьагәаҭаз аусурақәа ирылагеит Аҟәа.Акоммуналтә усзуҩцәа абаҟа ахьгылоу аҵакыреи иара апостамент ахаҭеи еилдыргоит, иара убас иҭаҳаз ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс аиҭашьҭаҵара мҩаԥыргоит. Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, аусурақәа рхыркәшара ргәы иҭоуп аҳәынҭқарратә усзуҩы имшира — хәажәкыра 7 рзынӡа."Арҭ аусмҩаԥгатәқәа хықәкыс ирымоуп амонумент аҭыԥ ақәҵара адагьы, ҳтәыла аԥсҭазаараҿы аҵакы змоу ароль назыгӡаз ауаҩы иҭоурыхтә ҭынхеи игәалашәареи ҳаҭырла рызнеира ", ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада.