Афымцалашара зхы иазырхәо альготатә категориақәа реиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥысуеит Аԥсны. Алашаразы еиҳа имаҷны аԥара ршәаларц азы атәылауаа альготақәа рзы азин шьақәзырӷәӷәо адокументқәа рымазароуп, урҭ ашәҟәқәа Афымцамчҭира аусбарҭа иадыргалароуп. Ҳазҭалаз ашықәс азы иҟоу алагалақәеи, урҭ акатегориақәа ирыҵаркуа абонентцәа рзы иаԥҵоу алшарақәеи ирылацәажәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Демур Гогьиеи "Амшынеиқәафымцамч" хаҭалатәи ахаҿқәа аус рыдуларазы абоненттә ҟәша аиҳабы Шабаҭ Адлеибеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.