Аԥсны категориақәак ртәанчахәы иацҵоуп. Нанҳәа 2025 шықәса инаркны анаҩстәи акатегориақәа ирыҵаркуа ртәанчахәы иацҵоуп:▫️Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәа, иара убас Афганистантәи аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭаацәеи — 2500–6500 мааҭ рҟынӡа.▫️Аветеранцәа, аинвалидцәа, Чернобыльтәи АЕС аҿы иҟалаз амашәырцәгьа аԥыхра ахҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны иҭахаз рҭаацәа — 3000 мааҭ рҟынӡа.Жьҭаарамза 2025 шықәсазы инаркны ашәатәқәа еизырҳауп: ▫️Аԥсны Афырхаҵа, Леон иорден, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу атәанчаҩцәа — 2000 мааҭ рҟынӡа.▫️1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа I, II, III агәыԥқәа змоу, иҭахаз рҭаацәа, иҭахаз аинвалидцәа рҭаацәа, иара убас жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 1994 шықәсанӡа Аԥсны ахьчараҿы хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа — 1000 мааҭ рҟынӡа
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит Ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз амашьына апассаџьырцәа руаӡәк иганахьала иқәымчра инамаданы.АҩАР апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, ажьырныҳәа 26 рзы автомашьына Мерседес-212 Ешыратәи аушьҭратә ҭыԥ аҿы ААИ аусзуҩцәа рыдҵа иқәымныҟәаӡакәан Аҟәаҟа ахы рханы ицеит. Уи иашьҭалеит АҩАР Ашьаусԥшааратә усбарҭа хада аусзуҩцәа. Амашьына ааныркылеит Гәлиа имҩаду аҿы, урҭ раанкылараан аоператив-ԥшааратә усбарҭа аусзуҩ Мичба апассаџьырцәа руаӡәк ааха ииҭеит.Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут идҵала. Урҭ аихшьаалақәа апрокуратурахь идәықәҵахоит.Мичба агәаҭарақәа цонаҵы имаҵураҭыԥ дамхуп.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анаркотикқәа рыдкылара ахылаԥшра аҟәша аусзуҩцәа аӡәгьы дрымԥҟаӡеит, асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәоу аинформациагьы иашам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшратә ҟәша аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа." Иара убасгьы аусзуцәа џьоукы русура иамхуп ҳәа иҟоу адыррақәагьы мцуп ҳәа ахиҳәааит .Уи адагьы Ԥачалиа иҳәеит, ауаа рацәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа азааигәара есыҽнытәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥызгоз аҟәша аусзуҩцәа ишрықәлаз. Хҩык аусзуҩцәа рыԥҟеит, румҭа ҵаҵӷәыс иамау рыздыруам иҳәеит иара"Аԥсныпресс" иаиҭаз аинтервиу аҿы
Аҟәеи, Аҟәеи Гәдоуҭеи араионқәеи лашарада иаанхеит Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы асааҭ 12:00 инаркны 14:00 рҟынӡа афымцалашара ыцәазаауеит астанциа маҷқәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2", "Афон", "Приморск", "Гәдоуҭа-ахага" Т-2, "Мҵара", "Дәрыԥшь" рҟны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аенергетика аминистрра.