Арадио

"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль аҟынтә лкаақәак

Sputnik
Москва ихыркәшоуп "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахԥатәи амодуль. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа ирзаԥҵан зымҽках ҭбаау апрограмма, аинтерес зцу аиԥыларақәа, алахәылацәа аҭааит Урыстәыла ари аусхк аҿы аԥхьагылара змоу актәи аканал, RT, насгьы афедералтә телехәаԥшраҿы еиҳа еицырдыруа асоциал-политикатә каналқәа ҭзыжьуа Соловьев.Live, уимоу, ҳколлегацәа аефир аҿгьы рхы ԥыршәеит.
Ахԥатәи амодуль алахәылацәа рзы изеиԥшраз, анаҩстәи аетап аҟны ирзыԥшу, насгьы ари апроект алахәра рԥышәа аизырҳаразы ирнаҭо атәы, арадио Sputnik астудиаҿы ҳколлегацәа, арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳаи, ажурналист Адгәыр Гәынбеи.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.