Ихадоу атемақәа

Sputnik
Ашықәс нҵәаанӡа Россотрудничествои ассоциациа "Добро.РФ -и" 70 инареиҳаны агуманитартә миссиақәа аҳәаанырцәҟа ирышьҭраны иҟоуп. Ажьырныҳәамза анҵәамҭазы апрограммақәа рырҭбааразы анапынҵа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.Амиссиақәа русзуҩцәа акультуратә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара, егьырҭ атәылақәа ртәылауаа рыхәышәтәра, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи реиқәырхара, аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи апроектқәа иреиӷьу рԥышәа раларҵәара иацхраалоит.
2026 шықәсазы Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа афитосанитартә лабораториа аусура арӷәӷәоит.Амониторқәа змоу амикроскоп ҿыцқәеи аланарԥшыгақәеи раахәараз алшарақәа ҭаҳҵаауеит ҳәа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит адәныҟатәи акарантин аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Смыр.Иара иациҵеит апрофилактикатә уснагӡатәқәа рзы, Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы, атәыла иаларгалои иалыргои аҵиаақәа ркатегориақәак рзи аиҭаҳатә материал агәаҭарази акарантинтә ангар шыргылатәу.
Урыстәыла АфШәМ Подмосковие аенергобиект аҿы атеракт аԥнарҟәҟәааит. Украинатәи атеррористтә еиҿкаара иаларгалаз 30 шықәса зхыҵуа, аҳәаанырцәуаҩ даанкылоуп ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.Аԥжәара ашьҭахь иара игәы иҭан Украинаҟа дцарц, урыстәылатәи Арбџьармчқәа дыҿагыланы аибашьра далахәхарц азы.Иааныркылаз имхуп 5 кьылак рҟынӡа зыкапан ыҟоу, инапылаҟаҵароу афугастә ртҟәацга, адиверсиа азырхиаразы ашәҟәеимдарақәа зҭаз ателефон. Иара ахара шиду азы аҿахәы риҭеит.Ашьаус хацыркуп.
Аҟәа Аҳабла ҿыц – ААУ ахырхарҭала астудентцәа рзы автобус бжьарҵоит.Ари ахырхарҭала жәабран 9 инаркны есыҽны асааҭ 08:20 рзы Аҳабла ҿыцынтәи автобус цалоит аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи рзы ада ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь аусбарҭа апресс-маҵзура. Амҩақьыра – 15 мааҭ.Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба иҳәеит ақалақь хадара ари автобус аусура алагара азы алшарақәа шазыԥшааз аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵала, насгьы амҩақьыра шырмаҷу астудентцәеи урҭ рҭаацәеи рзы афинанстә хьанҭара рмоурц азы.
Ԥхьаҟа ицо аамҭа ҳаҵамхаӡакәан, убри аан ҳаԥсуа культура иахьатәи аамҭа иашьаршәаланы аарԥшра ауп гәҭакыс иҳамоу ҳәа азгәалҭеит адизаинер Салима Ҳашыгԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы, Москва иӡырыргаз рколлекциа дазааҭгыло.Лара илҳәеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә алахәхара дара рзын акырӡа шаҵанакуа аԥышәа аимдаразы, аибадырразы, рҳәаақәа арӷәӷәаразы. Иазгәалҭеит аԥсуа коллекциа уамашәа ибаны иахьрыдыркылаз дара рзы ишгәахәара дуу.Иара убасгьы лара илҳәеит, аусмҩаԥгатә ашьҭахь иааины ирабадыруаз, азҿлымҳара рызҭуаз шыҟаз, ааԥхьарақәа шрырҭаз.