Аԥсны алахәхеит Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль арегионалтә программа. Иарбан лшарақәоу уи иаанартуа. Ҳтәыла ӡырызго аҿар ралԥшаараҿы аԥыжәара зҭахо, иарбан хырхарҭақәоу еиҳа азҿлымҳара ззухо, насгьы раԥхьаӡа акәны афестиваль аекспедициатә хәҭа Аԥсны зымҩаԥгара азгәаҭоу еиҿкаахар шалшо, иааизакны ҵакыс иамои ари аусмҩаԥгатә ҳахәҭакхара? Абарҭқәа дрылацәажәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша специалист хада Саманта Делԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.