Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҿар Рпарламент ахь акандидатцәа рықәыргыларазы 60 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Жәлар Реизара адепутат Инар Саӡба.Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахеит ажьырныҳәа 31 рзы, урҭ ҩымз инарзынаԥшуа имҩаԥысуан."Ҳаилак заанаҵтәи адыррақәа рыла, зынӡа 63 зыҳәа ҳауит. Иҷыдоу азхьаԥшра рыҭахоит аԥышәеи адырреи, аҿартә политика аганахь ала активреи, абызшәарацәа адырреи."Акомиссиа азыҳәақәа зегьы ҭырҵаауеит, хаҭала акандидатцәа ирыҿцәажәоит, иӷәӷәоуи иԥсыҽуи аганқәа аадырԥшуеит, еизыркуа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны аӡбарақәа рыдыркылалоит", — иҳәеит Саӡба.
Аҟәа аҿиара-план иалацәажәеит ақалақь ахадараҿы.Аплан иаҵанакуеит атранспорттә инфраструктура, ашьаҟамҩатә хәҭақәа, ауаажәларратә ҭыԥқәа разԥхьагәаҭара ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.Алахәылацәа иазгәарҭеит ақалақь аҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа ишазҳауа, атранспорттә коллапс хырԥашьа шамам. Дара аусутә гәыԥ алахәылацәа ркандидатурақәа ирылацәажәеит.Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит ҭыԥ-ҭыԥлатәи аусура алҵшәа шаанамышьҭыз, акомплекстә знеишьа шаҭаху."Аханатә, апроектҟаҵараан еилагашьа змам аԥҟарақәа азгәаҭатәуп – иахьахәҭам аҭыԥ аҿы арныҟәцаҩ имашьына измыргылартә еиԥш", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Евдокиа Котлиарова 96 шықәса лхыҵит иахьа.Лара илыдырныҳәалеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Россотрудничество, Аҟәа иҟоу Москва Аҩны рхаҭарнакцәа. Ашәҭқәеи аҳамҭақәеи лырҭеит, илзеиӷьаршьеит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара. Ажьырныҳәа 11 рзы Гагра, Котлиарова луада амца акит. Атәанчаҩԥҳәыс деиқәирхеит Узбекисҭан атәылауаҩ Фухриддин Суиаров. Уажәы Евдокиа Котлиарова лхы бзианы илбоит. Араион ахадара луадақәа аремонт аҟаҵараҿы ицхыраауеит, уажәы афымцацәаҳәақәеи аӡымҩангагақәеи рышьҭаҵаразы аусурақәа хдыркәшахьеит, аҭӡамцқәа дыриашахьеит.
1500 рҟынӡа ашыц аиҭаҳатә аздырхиеит АбНИЛОС аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит астанциа адиректор Витали Леиба."Сынтәа ахәҵәқәа рышьаҭаркразы 15 километр ԥшьыркца зҵазкуа арԥхарҭақәа ҩба азҳархиеит. Зынӡа ари аус азы аа-рԥхарҭак еиҿкаауп, уажәазы 30 см зоура ҳараку 1500 рҟынӡа ҵла ааӡаны иҟоуп", — иҳәеит иара. Аҵиааӡарҭа ашьапы кын 5 шықәса раԥхьа, ари аамҭа иалагӡаны ирааӡеит 7 нызқь шьапы рҟынӡа аиҭаҳатә. Аусурақәа амцаԥшьхәаҷа анцәырҵ ашьҭахь ашыц аиҭарҿиара хықәкыс иҟаҵаны, аекологиатә еиҿкаара "Аԥсуара" алархәны имҩаԥыргоит. Аиҳарак аиҭаҳатә аархәоит Риҵатәи амилаҭтә парки Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарреи.