Аԥсни Москвеи рыбжьара аусеицура арҭбаара иалацәажәеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Москватәи аиҳабыра рминистр Сергеи Чериомини. Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ацифраркреи асоциалтә политикеи рԥышәа аҭҵаара ишазҿлымҳау."Уи ҳара ҳзы имҩақәҵагоуп, хәы змаӡам ԥышәоуп, шәара шәыцхыраарала ҳтәылаҿы рҿиарала ахархәара ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит иара.Олег Барцыц иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ВДНХ аҿы иҟоу апавилион "Аԥсны" аиҭашьақәыргылараҿы Урыстәыла иҟанаҵаз адгыларазы, акреативтә економика аусхк аҟны аусеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Урыстәыла АдәАР аҟны.Аиԥылара иалахәын аделегациақәа рхадацәа — Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада аҳәынҭабжьгаҩ Константин Кочиеви, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Аиԥылараҿы аганқәа иазгәарҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аԥҵара ақәыршәара арцыхцыхра арӷәӷәареи, ареспубликақәеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи шхымԥадатәиу ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аиҿцәажәарақәа 66-тәи араунд мҩаԥгахоит хәажәкырамзазы.
Аҟәа апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Гарри Ҵәыџьба иԥшаара рыланаҳәеит.Апрокуратура хада апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Ҵәыџьба заанаҵтәи аусҭҵаараан иԥшаара рылаҳәоуп.Иазгәаҭоуп, агазеҭ "Абхазский вестник" аофис аҿы иҟалаз ахҭыс агәаҭара алҵшәақәа рыла, Урыстәыла атәылауаа Иван Ревеи, Павел Тимофееви, Дмитри Будыкини рганахьала ашьаус шхацырку аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатрахь акандидатцәа аԥаразоужьра аԥҟарақәа реилагаразы.Иара убас, азинхьчаҩцәа ашьаустә ҭакԥхықәра идҵаразы "Медведев Владимир" ҳәа ахьӡ змоу ахаҿы ихаҭара ашьақәыргыларазы анапынҵа рыҭоуп.
Аклуб "Солнечные моржи Абхазии" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль "Черноморский драйв моржей" ахы аланархәит. Аусмҩаԥгатә еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи аӡынтәи аӡсара абзиабаҩцәа еизнагеит.Аморжқәа анорматив— 200 метра зхы иақәиҭу астиль ала иӡсаны иахысыр акәын.Аԥснытәи аклуб анапхгаҩы Таниута Фита еиҭалҳәеит ареспубликаҟынтәи аӡсаҩцәа жәҩык рҿаԥхьа иқәгылаз аусдҵа шынарыгӡаз. Лара лажәақәа рыла, аӡсара анымҩаԥыргоз аҽны аӡы аԥхарра +8°C рҟынӡа инаӡон, маҷк амшынеисрагьы ыҟан. Асеиԥш аҭагылазаашьақәа раан аӡсара екстремалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.Фита илҳәеит аклуб "Солнечные моржи Абхазии" ареспублика анҭыҵҟа раԥхьаӡакәны ишцаз. Акоманда ааԥхьара аиуит хәажәкырамзазы Шәача имҩаԥысраны иҟоу аӡынтәи аӡсаразы аолимпиадахь