Аԥсны Жәлар Реизара I ааԥхьара адепутатцәа рԥылара мҩаԥысит Ауаажәларратә палатаҿы.Уи азкын хәажәкыра 12 рзы имҩаԥгахо афорум ду "Адиалог. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара".Апалата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа ԥыхьатәи адепутатцәа рыҿцәажәара алҵшәа аман ҳәа ахылҳәааит."Афорум мҩаԥаагаанӡа Аԥсны ахадеи ҳареи ҳаилацәажәеит, уи адгылара ҳаиҭеит. Иахьагьы "ахьтәы" Парламент алахәылацәа, ҳаҭыр зқәу ауаа инаҵшьны иазгәарҭеит ас еиԥш иҟоу афорумқәа шаҭаху", — лҳәеит Кьычԥҳа.
Аԥсни Москвеи рыбжьара аусеицура арҭбаара иалацәажәеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Москватәи аиҳабыра рминистр Сергеи Чериомини. Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ацифраркреи асоциалтә политикеи рԥышәа аҭҵаара ишазҿлымҳау."Уи ҳара ҳзы имҩақәҵагоуп, хәы змаӡам ԥышәоуп, шәара шәыцхыраарала ҳтәылаҿы рҿиарала ахархәара ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит иара.Олег Барцыц иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ВДНХ аҿы иҟоу апавилион "Аԥсны" аиҭашьақәыргылараҿы Урыстәыла иҟанаҵаз адгыларазы, акреативтә економика аусхк аҟны аусеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Станислав Лакәаба игәалашәара анаунагӡатәразы акомиссиа аԥҵоуп .Аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Акомиссиа ахада — аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.Акомиссиа аилазаара иалоуп Аԥсуаҭҵааратә институт ахаҭарнакцәа, ААУ, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультура аминистрреи аҵара аминистрреи рхадацәа, АИХ-қәа, аҭҵаарадырратә центр, Станислав Лакәаба иԥа — Отто. Мшаԥы 7 иахымгакәа акомиссиа Аминистрцәа реилазаара иаднагалароуп аҵарауаҩ игәалашәара анаунагӡатәреи, аҵарауаҩ икьыԥхьым инапылаҩырақәа рыҭҵаареи рҭыжьреи, реиқәыршәареи рзы ажәалагалақәа.Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵоуп акомиссиа аусура афинанстәи атехникатәи цхыраара аҭара.
Ахаҵа дҭахеит ареспубликатә мҩаду ақыҭа Приморск иахьаҵанакуа иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны.Амашәыр ҟалеит аҩаша асааҭ 17:00 рзеиԥш. Амашьына Hyundai Solaris арныҟәцаҩ амҩаду ацәаакыра иахҟьаны аԥсҟы изнымкылакәа аҵла дасит. Иара аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААИ аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Аслан Базба.Апассаџьыр ахәшәтәырҭахь днаргеит, раԥхьатәи ацхыраара анирҭа ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит.
Краснодартәи атәылаҿацә ариашаратә колониаҿы атеракт аԥдырҟәҟәааит Урыстәыла АфШәМ аусзуҩцәа.Даанкылоуп зус ӡбоу, 46 шықәса зхыҵуа, Ацентртә Азиа иалҵыз ауаҩԥсы. Ашәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, иара ахьырхәранагӡараз Афедералтә маҵзура аусзуҩцәа рышьра игәы иҭан.Ацәгьоуҩы даанкылан атеракт амҩаԥгара иҽаназишәоз. Ԥсыҭбара ҟамлеит. Ақәыларатә маругақәа имхуп, ариашаратә колониа аусура аиԥҟьара аԥырҟәҟәаауп.Ашьаус хацыркуп.