Ихадоу атемақәа

Sputnik
Бадра Гәынба дырԥылеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аԥсуа бызшәа аҿиараз Агәыҳалалратә фонд анапхгара.Аиԥылараҿы иалацәажәеит абызшәа ацифраркра, арҵаратә программақәа рыҿиара, иԥсабаратәым ахдырра уахь иналаҵаны ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара.Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит краамҭатәи апрограммақәа — афинанстә программақәа реиԥш аиҿкааратә программагьы — рынагӡаразы аҳәынҭқарра раԥхьаӡакәны Афонд ганрацәала адгылара шанаҭо.Уажәазы аплатформа Mozilla Common Voice аҿы еизгоуп 170 сааҭ инареиҳаны аԥсышәала ицәажәо анҵамҭақәа.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа алахәхаразы апроектқәа рзы азыҳәақәа адкылара аамҭала иааннакылеит ақыҭанхамҩа аминистрра, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҟны аусбарҭа аминистр Беслан Џьопуа.2026 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩаз иазоужьу 500 миллион мааҭ рахьынтә ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммаз 250 миллион мааҭ азырхахоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр."Раԥхьа иргыланы анхацәа рыпроектқәа аанаҳкалаӡом, иазгәаҭоу зегьы нагӡахоит. Ашәырааӡара, арахәааӡара, акәтааӡара, ашьхааӡара, аԥсыӡааӡара уҳәа ирацәоуп апроектқәа", — иҳәеит Џьопуа.
Зықәра намӡац аԥҳәызба лымҵарсра инамаданы аусҭҵаара иалагеит Аҟәатәи апрокуратура.Ацәгьоуразы адырра ҟаиҵеит ареспублика атәылауаҩ Енвер Узун-Иақәыԥ-оӷлы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.Иара иажәақәа рыла, 2026 шықәса жәабран 2 рзы, 14 шықәса зхыҵуаз иԥҳа Џьгьарда ақыҭантәи ашкол ахыбра ддәылҵит. Ашҭа анҭыҵ лара дылзыԥшын 40 шықәса зхыҵуа Мизан Џьопуа, уи аԥҳәызба амашьына дҭартәаны, Аҟәаҟа, иҩныҟа дигеит, иҭынхацәа ирылеиҳәеит ԥҳәыс дшигаз атәы.Азинхьчаҩцәа аԥҳәызба апрокуратурахь днаргеит, иахәҭоу аусҭҵаарақәа анымҩаԥырга ашьҭахь лаб дирҭеит.
Адгәыр Гәынба Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабы лхаҭыԥуаҩс даҭоуп.Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба, ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аԥсныҟа атуристцәа раара иеизҳауеит аԥсшьараз ахәқәа ирыцымлар ҳәа лҳәеит АТОР анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе. Лара илҳәеит макьаназы ареспубликаҿы аԥсшьара ахәԥса еиҳа-еиҳа ишацло.Аексперт лажәақәа рыла, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәа рыбжьара зегь реиҳа иалыркаауа хырхарҭаны иаанхоит ахәԥсеи ахаҭабзиареи маншәаланы реицааира рыдызгало Беларусь, уи аан Узбекисҭан азҿлымҳара иазҳауеит, еиҳа имаҷны атуристцәа иалырхуеит Таџьикисҭани Ҟазахсҭани.