Пицундатәи аҳәырԥсарра 100 шықәса ахыҵит: абнахылаԥшҩы иҿцәажәара

Sputnik
Жәабранмза 9, 1926 шықәса рзы иаԥҵаз Пицундатәи аҳәырԥсарра — Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы зегь реиҳа иуникалтәу аԥсабаратә кәакьқәа ируакуп. Ара еизгоу хәы змам аҵиаақәа, шықәсы рацәала иеиҷаҳауа иаарго ашәаԥыџьаԥ есыҽнытәи ахылаԥшра аҭахуп, игәцараку азнеишьа хымԥадатәиуп. Абиԥарак аҟынтәи даҽа абиԥарак ахь ииасыз ари аҳәырԥсарра абнахылаԥшра аус атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Фазлыбеи Агәмаа.
Шәазыӡырҩы аудио.