Зымчхара 4,8 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит иаха Краснодартәи атәылаҿацә аҿы. Адгьыл шҵысуаз азгәарҭеит асааҭ 02:21 рзеиԥш Новороссииск аҩада-мраҭашәарахь 35 км инахыганы. Уи авидеогәаҭаратә камерақәа рҿгьы иазгәаҭахеит. Адгьылҵысра рнырит егьырҭ аиланхарҭақәа рҿгьы. Аинтернет ахархәаҩцәа еиҭарҳәоит аҩнқәа рыҭӡамцқәеи рхыбқәеи шҵысуаз, аҩнымаҭәа хьанҭа аҭыԥ ишахыҵуаз. Аинфраструктуратә еилабгарақәеи ааха заузи ҳәа акагьы ыҟаӡам. Аихамҩа ҭыԥқәак рҿы адәыӷбақәа рыццакра ладырҟәуеит агәаҭаразы.
Аԥсуа ҵарауаҩ, аполитик Валери Кәарҷиа иахьа 80 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит. Аҭҵаарадыррахь Валери Кәарҷиа имҩа хацыркын 1960-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, ари аусхк аганахь ала иусураан аԥсуа бызшәеи атопонимикеи рыҭҵаараҿы, жәытәнатә аахыс ашьхақәеи, акаҵәарақәеи, аӡиасқәеи рыхьӡқәа реиқәырхараҿы илагала дууп. Аҭҵаарадырра инаваргыланы Кәарҷиа активла далахәын атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара. Аԥсуа ҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭазҵаз "Ахьтәы Парламент" далахәын, уи ашьҭахь даҽа хынтә депутатс далырххьан, аҵыхәтәан — 2017-2022 шықәсқәа рзы, Апарламент аиҳабыс дыҟан.
Алиса Гыцԥҳа Жәларбжьаратәи лмузыкатә лабораториа-еицлабра аҩбатәи ахәҭа аартра мҩаԥысит Новосибирски Красноиарски ақалақьқәа рҿы. Аҭыԥантәи аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи рстудентцәеи, иара убас амузыкатә театрқәа рсолистцәеи рзы аҟазаратә-классқәа мҩаԥган. Гыцԥҳа лажәақәа рыла, Новосибирсктәи афилармониа акамертә зал аҿы жәабран 6 рзы имҩаԥысит аккомпанементцәа, аоператә шәаҳәара, акамертә вокалтә солистцәа ркатегориақәа рҿы аиааира артистцәа злахәыз аконцерт.
Ҳаԥсшьарҭа ҭыԥқәа рҿы ахәқәа дууп ҳәа зынӡагьы иҳазҳәаӡом ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ахатәы сасааирҭа аԥшәма Витали Смыр, Аԥсны иаҭаауа атуристцәа рхыԥхьаӡа еизҳауеит, аԥсшьараз ахәқәа шьҭырымхыр ҳәа ааигәа АТОР анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе илҳәаз дазааҭгыло. Ҳара лассы-лассы атәыла анҭыҵ ҳцоит, иаабоит асасааирҭақәа рыхәқәа шыҟоу. Убарҭ ирҿырԥшны ҳахәаԥшуазр, зынӡагьы ҳсасааирҭақәа рыхәқәа ҳаракӡам ҳәа иҳәеит иара. Иазгәеиҭеит, Афон ҿыц иҟоу асасааирҭақәа рыԥшәмацәа зегьы еицәажәаны ахәԥсак шыҟарҵо, насгьы инырхуеи, аусуцәа руалафахәи, даргьы хашәалак роуртә еиԥш еибаркапанны ишышьақәдыргыло.