Астудентра аҽазыҟаҵара, азанааҭ алхра, ахырхарҭа ҿыц агәыбылра дыркра — ари зегьы хықәкыс измоу аиԥыларақәа мҩаԥысуеит ашколқәа рҟны иреиҳау аҵараиурҭа арҵаҩцәа алархәны. Афизика, ахимиа, абиологиа — акадртә дефицит ахьыҟоу ахырхарҭақәа иабанӡарызҿлымҳау аҿар? Урҭ амаҭәарқәа рышьҭкаара рцәыуадаҩума, ишақәнаго агәыбылра дзыркуа арҵаҩцәа рымоума ашколхәыҷқәа? Уажәааигәа аиԥылара ахьымҩԥысуаз К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат адиректор Лариса Қапба арҭ азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.