Аҳәынҭқарратә бызшәеи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адоуҳатә ҭынхеи рыҿиаразы акомиссиа инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит Ауаажәларратә палатаҿы. Ауаажәлар рхаҭарнакцәа хықәкыла иарбан зҵаарақәоу иалыркааз, ҳаамҭазы шәарҭарақәас иҟоу, урҭқәа рырҽеиразы иҟаҵатәу ҳәа ирыԥхьаӡо далацәажәеит акомиссиа аилатәара иалахәыз Гагратәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Мзиа Дауҭиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил хыхь.