Сынтәа амимоза акыр заа ишәҭит. Аԥсны ауааԥсыреи, асасцәеи аҭагылазаашьа рымоуп ари ашәҭ ԥшӡа абара.
Арҭ амшқәа рзы Ԥшьаԥ ақыҭан ашәҭ аҽаҩра аингалара иаҿуп. Анхаҩы Андреи Давтиан 30 шықәса амимоза аарыхра инапы алакуп.
Ааԥынра анааигәахо амимоза шәҭны ибыбышӡа Аԥсны зегь зышьцылахьоу сахьоуп. Аԥсныҟа уи ықәнагалеит 1960 шықәсазы.Амимоза Аԥсны адгьыл убриаҟара ианаалеит, уи аҵлақәа ахылаԥшра рҭахым.
Амимоза шеизырго Sputnik аблала.