Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ианашьоуп адипломатиатә ранг –Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ. Уи азы усԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба. Олег Барцыц 2010 шықәса раахыс Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнакра напхгара аиҭон. 2025 шықәсазтәи алхрақәа раан атәыла ахадарахьы кандидатс дықәгылан. Мшаԥымза 18 2024 шықәсазы ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан.
Никарагуа Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Алиас Аиба. Уи азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит ареспублика ахада Бадра Гәынба. Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 3 рзы, шықәсык ашьҭахь атәылақәа ишьақәдыргылеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа. Манагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аатит 2022 шықәсазы, уи дахагылеит Инар Ладариа. 2025 шықәса жәабран 2 рзы Ладариа ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәны, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадас далхын. Никарагуа ареспублика аусқәа рзы аамҭалатәи агәрагаҩыс дҟаҵан ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба.
Аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьцәа ирызку афильм "Ахатәгәаԥхаҩцәа" акино азы аԥхьахә "Атәыла ду Афырхацәа" иаԥсахеит.Иара аиааира игеит аноминациа "АОҶ Афырхацәа" аҟны. Афильм атема — Аԥсни, Уаԥстәылеи, иара убас егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи иҷыдоу арратә операциа хатәгәаԥхарала аибашьцәа ралахәхара ргәазырԥхаз.
Аҳ Қьелешьбеи Чачба игәалашәара анаунагӡатәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟа инақәыршәаны акомиссиа ахадас дҟаҵоуп аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Акомиссиа аиалазаараҿы иҟоуп: Аминистрцәа реилазаара, Аҟәа ахадара, Аԥсуаҭҵааратә институт, Аҳәынҭқарратә университет, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз Аҳәынҭқарратә усбарҭа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, амузеи-ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абаа" рхаҭарнакцәа.
Ақыҭақәа Драндеи Ҵҟыбыни ирыбжьоу ацҳа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп. Уаанӡа ихыз ацҳа амшцәгьақәеи аӡхыҵрақәеи раан ааха аиуит. Аргылаҩцәа ашьаҟақәа дырӷәӷәеит, ааха змаз ахәҭақәа рыԥсахит, амҩақәа дырҽеит ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.