Алекториақәа Ацыргакәҵатә зал хадаҿы: аформат ҿыц ҳалацәажәоит

Sputnik
Ааԥынтәи асезон Ацыргакәҵатә зал хадаҿы — изеиԥшрахои иара аҭааҩцәа рзы? Ааигәа еиҭашьақәдыргылаз АЗХ аԥшьбатәи азал аҿы уажәшьҭарнахыс имҩаԥыслоит алекториақәа. Уаҟа еиҿкаалахоит асахьаҭыхыҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рԥылара. Актәи аиԥылара мҩаԥгахоит хәажәкырамза алагамҭазы. Уи атема хада зеиԥшрахо, насгьы аҭааҩцәа рзы иаԥҵахо даҽа знеишьақәак ртәы АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы.
Шәазыӡырҩы лыҿцәажәара.