Аԥсны ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак злахәу астол гьежь "Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиара: аҭахрақәа, акадрқәа, аплатформатә маругақәа" мҩаԥысит Аҟәа. Уи иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи аекспертцәеи академиатә еилазаара ахаҭарнакцәеи. Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп азанааҭтә еимадарақәа рыҿиара, аҵарауаа ҿарацәеи аҭҵааҩцәа нагақәеи рыбжьара иреиӷьу аԥышәеимдара. Ари аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны излацәаз атемақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит алахәыла Даур Хьибба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.