Арадио

Анапҟазацәа ргәы иҵхо азҵаарақәа ӡырган: аиԥылара алахәала иҿцәажәара

Sputnik
Аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи анапҟазацәеи реиԥылара. Уи еиднакылеит ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 100-ҩык инарзынаԥшуа анапҟазацәа. Аиԥылара алахәылацәа раалыҵ ахьӡырыргаша, ма аҭиразы иахьцәырыргаша аҭыԥқәа раԥҵара иазааҭгылеит. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рҵаки, рылҵшәа хадақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аиԥылара алахәыла Даҭо Гьергьедаа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.