Ареспубликатә еицлабра "Аҭаацәара Қәыԥш" Аԥсны имҩаԥыргараны иҟоуп. Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп 2024 шықәса нанҳәа 1 иахымгакәа аҭаацәара алаларазы ашәҟәы иҭазгалаз ақыҭаҿы инхо 18-30 шықәса зхыҵуа хаҵеи-ԥҳәыси ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы. Ҵакыс иамоузеи ари аицлабра, алахәхаразы иаҭахуи, аиааира згаз шԥалкаахо, ҳамҭа хаданы иҟалои, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Ахәынҭеилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.
Шәазыӡырҩы аподкаст.