Аԥсны иалсны Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аиҭарҿыцра иалацәажәатәуп — аганқәа азҿлымҳара рымазар, абри атәы иҳәеит АдәАР ахада ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.Аԥсни Қырҭтәылеи, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара имариам аизыҟазаашьақәа шыҟоу атәы азгәеиҭеит иара. Убри аан Москвеи Қарҭи рыбжьара атуристтәи аекономикатәи еимадарақәа мҽхакыҭбаала рыҿиара ишаҿу иҳәеит. Аганқәа рзы феида ыҟазар, мап зҳәатәузеи. Убри азы иалацәажәатәуп азҿлымҳара ыҟазар, аганқәа рыбжьара аицәажәарақәа мҩаԥгатәуп", — иҳәеит Галузин.
Аԥсны Жәлар Реизара уаанӡатәи адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчрақәа заанаҵы иаанкылоуп.Гәаланӡиа дыршьит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы имҩаԥысуаз Апарламент аилак аилатәараан иҟалаз ахысраан. Азакәанԥҵара инақәыршәаны АКХ ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа ишьақәнарӷәӷәароуп 30-тәи Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара.Ауаҩшьразы ахара идырҵоит Жәлар Реизара ԥыхьатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум Давид Ахьиба иганахьала гәҭакылатәи ауаҩшьреи изакәанымкәа абџьар аикәыршареи рзы азыӡба ԥсахрада иааннажьит.2025 шықәса ԥхынгәымзазы Арратә ӡбарҭа Давид Ахьиба 14 шықәса аҭакра иқәҵазарц аӡбара аднакылеит. Адукат азыӡбеи Иреиҳау Аӡбарҭа акассациатә ҳәаақәҵеи ԥсахзарц, зус рыӡбоз ддыриашарц аҳәара ҟаиҵеит. Аха ахьчаҩ ишшыԥхьыӡ мап ацәкын, азыӡба шыҟаз иааныжьын ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Астол гьежь "Адемографиатә ҿиара: астратегиеи амеханизмқәеи" мҩаԥысит Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы.Аиҿкааҩцәа — Ауаажәларратә палата, уи имҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы иҟалараны иҟоу Аграждантә форум аламҭалазы. Аԥсны ауааԥсыра рдемографиатә жәра убоит лҳәеит ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынԥҳа. Мзызқәаны иалылкааит аира алаҟәра, аусура зылшо ауаа рықәра иаҵанакуа иаамҭанымкәан аԥсҭазаара ралҵра аизҳара аҭаацәара алалара аҿҳәара ахырԥара.Атәылаҿы 2024 шықәсазы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 243 711-ҩык рҟынӡа ыҟан, ари арбага 1713-ҩык рыла еиҵоуп 2020 шықәсазы аасҭа.