Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны шықәсыктәи афымцамч азымхара 700 млн кВт⋅с рҟынӡа инаӡоит иҳәеит Бадра Гәынба. "Ари абиуџьет азы еидара дууп, аҳәынҭқарра макьаназы ахатәы економикатә мчқәа рыла инагӡаны иазыхҩом", ҳәа азгәеиҭеит иара, Гәылрыԥшь араион ахадара иаҭаараан.Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра хықәкыс ишрымоу — ахатәылшара змоу аенергетиказы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, уи азы ишаҭаху афымцаԥхьаӡагақәа.Сынтәа иазгәаҭоуп 60 нызқь цыра афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара. Урҭ ахьыҟоу ахархәара хыџьара ишаны хәҭак илаҟәит, аизгара акәзар - 80% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа Бадра Гәынба иажәақәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аԥсны адемографиатә ҿиара аминистрра аԥҵатәуп ҳәа лыԥхьаӡоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Инга Арӡынԥҳа.Лара ажәахә ҟалҵеит Ауаажәларратә палата еиҿнакааз астол гьежь аҟны иацы .Аусбарҭа аҳәынҭқарратә демографиатәии амиграциатәии политика аус аднаулалароуп, ари аусхк аҟны аҳәынҭусбарҭақәа русура ҳәаақәнаҵалароуп ҳәа азгәалҭеит лара.
Аусҭҵааҩцәа аӡбарҭахь инарышьҭит "СП Путь-А" ԥыхьатәи аиҳабы Алик Агрба изинмчқәа цәгьашақә ихы иаирхәеит ҳәа ихацырку ашьаус ҳәа аанацҳауеит АҩАР.Аус аматериалқәа инарықәыршәаны, Агрба цәыббра 7 2019 шықәсазы аилахәыра "Ахәаахәҭратә ҩны Урыстәылатәи аихамҩақәа" иамихәҳаит зхархәаратә ҿҳәара цахьаз афымцадәыӷбақәа ҩба, урҭ нас "Аԥсныеихамҩа" иааирхәеит 18 млн мааҭ ҳәа.Агрба гәҭакылатәи ихымҩаԥгашьа АИ ааха анаҭеит. Иара ихара шьақәдырӷәӷәоит ашаҳаҭцәа, аҩыратәи амаҭәартәи ршаҳаҭгақәа рыла ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.Аус ахарадҵаратә лкаа ацны ҵакыла ахәаԥшразы аӡбарҭахь инашьҭуп. Ашьауӷақәҵара рыдыркылаанӡа аус алахәыла акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә культура раԥхьатәи Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа нанҳәа 28-29 рзы, абри атәы иҳәеит апроект автор Александр Шьоуа.Уи иалахәхоит аҩтәылак рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахьӡ — аԥша змоу апремиақәа — "Золотой граммофон", "Песня года" уҳәа рлауреатцәа."Хымԥада, аԥсуа ҿаргьы ҟалоит. Аиҳабыратә абиԥареи дареи реимадара, сценак аҟны реицықәгылара акырӡа аҵанакуеит", — иҳәеит Шьоуа.Акультуратә еиҭныԥсахлара мҩаԥыслоит агастрономиа аусхк аҿгьы — алахәылацәа амилаҭтә аԥсуеи аурыси чысқәа рыла ачеиџьыка дырхиоит.