Аԥсуа драматә театр Владикавказ агастрольқәа мҩаԥнагеит. Ари ашықәсаз амилаҭтә театр атруппазы раԥхьатәи ныҟәаран. Ишԥарыдыркылеи ауаԥсжәлар ирызнагаз аспектакльқәа, ҳаешьаратә цҳақәа ԥхьаҟа рырҭбааразы иабанӡадырӷәӷәои акультуратә еимадарақәа, иҟоума ашықәс аҩнуҵҟа арҿиаратә усеицуразы апланқәа, абри атәы Аԥсуа драматә театр аиҳабы Хьыбла Мықәԥҳа лыҿцәажәараҿы.
Шәазыӡырҩы аподкаст.