Арадио

Ақьырсиандинхаҵаҩцәа аҿбаара иҵалеит: аб Никита ихҳәаа

Sputnik
Ачгара ду 48 мшы имҩаԥыслоит. Уи егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа еиҳауп, изызку Амшаԥныҳәа лаша аԥылара аҽазыҟаҵароуп. Сынтәа аныҳәа мшаԥымза 12 иақәшәеит. Рышԥаҽазыҟарҵои Анцәа дхазҵо ари аамҭахәҭа, ишԥамҩаԥысуеи раԥхьатәи амшқәа, адоуҳала аҽрыцқьара дышԥаԥсахуеи ауаҩы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иҟоу Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама аԥшьаҩы аиереи Никита (Адлеиба).
Шәазыӡырҩы аудио.